Қәҭарба: аиҟарауаара ҟамларц, аиҳабацәа раԥхьа акаҳуагьы ржәӡом
© Sputnik
"Аамҭа аҽаԥсахуеит. Аҭаҭын мацара акәымызт, арыжәтәгьы, акаҳуа налаҵаны аиҳабацәа ахьыҟоу иржәуамызт. Аиҳабацәеи аҿари еицныҟәаӡом. Сашьеи сареи хышықәса ҳабжьоуп, иареи сареи ҳҩызцәа хазуп. Ҳаиҳабацәа рҟынтәи иҳаҳахьан еиҟарауаамхааит ҳәа. Аиҳаби аиҵбыи рнапқәа, ршьаԥқәа еилаԥсаны ианыҟарҵо, ҳаҭырқәҵарагьы уиаҟара иҟалаӡом. Уеишьццылоит, аиҳабыи аиҵбыи рҭыԥ усҟан иузеилыргаӡом. Иахьагы уи ахымҩаԥгашьа цәгьамкәа Ҭырқәтәыла иныҟәаргоит", - иҳәеит Қәҭарба.
Аҭаҭын ахара мап ацәкра Жәларбжьаратәи амш ауп иахьа лаҵара 31 рзы.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.