Арадио

Аргәын еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа рныҳәамш азы аԥсшьарамшқәа шырзеиҿыркааз

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи ахәыҷқәа аныҳәатә ԥсшьарамшқәа шырзеиҿыркааз рашәара аказы.
Sputnik

Рашәарамза акы – Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш ауп.

"Аинформациатә маҵзура Sputnik абзоурала лаҵарамза 30 рзы еиҿкаан ахәыҷқәа рыԥсшьара. Аӷбаҟны аныҟәара, аԥшаҳәа абара, иԥсыршьаганы аамҭа ахгара, аԥсуа шәаҳәаҩы Хьыбла Мықәԥҳаи дареи реибадырра - гәахәарыла ирыдыркылеит ахәыҷқәа. Иахьатәи аныҳәа аламҭалазы иалыршахеит ахәыҷқәа Шәачаҟа ргара, рыԥсшьара аиҿкаара. Уи алыршахеит аилахәыра "Аквафони", Акурорти атуризми рминистрреи, Аҟәа ақалақьтә еизара аиҳаби, Шәачатәи апарк "Ривьера" аиҳаби рыбзоурала. Уи адагьы ахәыҷқәа ҩымш Шәача отель "Романовски" иаангылартә иҟарҵеит агәыҳалалратә лагала "Кьараз" иазыҟазҵаз. Ҳара 30-ҩык ахәыҷқәа ҳацуп", - иҳәеит Аргәын.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.