Арадио

Ҵлаииа еиҭеиҳәеит аибашьҩы Борис Тапаӷәуа икәылӡкьаҿ аҭоурых

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Афырхаҵаратә музеи аусзуҩ, аҭоурыхҭҵаҩ Геннади Ҵлаииа еиҭеиҳәеит Аԥсны Раԥхьатәи ахада аибашьҩы Борис Тапаӷәуа аибашьраан ииҭаз акәылӡкьаҿ аҭоурых.
Sputnik
Ҵлаииа еиҭеиҳәеит аибашьҩы Борис Тапаӷәуа икәылӡкьаҿ аҭоурых

"Аибашьра аамҭаз Лабра аҭагылазаашьа уадаҩын. Кәтолаа арԥарцәа ахырӷәӷәарҭа ӷәӷәаны иркын, командирс дрыман Борис Тапаӷәуа. 1993 шықәса рзы иара иоуз ахәра иахҟьаны Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан, иара усҟан илиршеит Арбџьармчқәа Иреиҳаӡоу ркомандаҟаҵаҩ хада иахь анеира. Усҟан Борис Тапаӷәуа Владислав Арӡынба инапы аҟынтә ҳамҭас иоуит акәылӡкьаҿгьы", - еиҭеиҳәоит Ҵлаииа.  

Анаҩс акәылӡкьаҿ амузеи ахь ишнанагаз, уи аԥшәма Борис Тапаӷәуа илахьынҵахаз атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны иӡыргахоит Аԥсны амузеиқәа рҿы иҵәаху хәызмаӡам аекспонатқәа рҭоурыхқәа.