Арадио

Шьоууа амхқәа рыцәаӷәаразы: ишаҳҭаху еиԥш ҳус ҳзаламгацт

Очамчыра араион Амашьына–трактортә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоууа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа ацәаӷәара аамҭа инахар зырҭаху атәы.
Sputnik
Шьоууа амхқәа рыцәаӷәаразы: ишаҳҭаху еиԥш ҳус ҳзаламгацт

"Атехника аганахьала ҳаиқәшәоуп, анхацәа ааԥхьара анҳарҭо ҳәа ҳаԥшуп, аха амармалташьтә пты иахырҟьаны ацәаӷәараҿы аиԥҟьара ыҟоуп, анхацәа уи аамҭа маҷк инахар рҭахуп. Убри аҟынтә ацәаӷәара ишаҳҭаху еиԥш ҳҽеиҵыхны ҳус ҳзаламгац. Иахьазы 180 гектар рҟынӡоуп иаҳцәаӷәахьоу, абыржәы 300 гектар ҳахысхьазар акәын, аха ажәларгьы рҽааныркылеит. Иара амшгьы аҭагылазаашьа арҩаара ахь ахы археит, ацәаӷәара мчхеит, амшқәа шааиҭаслак, қәак шааулак, ацәаӷәара ҳҽеиҵыхны ҳналагап ҳәа ауп. Егьыс ҳара ҳаиқәшәоуп, аӡәгьы деиҵаҳархап ҳәа ҳаҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Шьоуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.