Дзержинск азауад аҿы иҟалаз аԥжәарақәа аԥсыҭбарақәа рыцуп

Арԥжәагақәа ахьыҟарҵо азауад аҿы асабша, рашәара 1 азы атҟәацрақәа ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Дзержинск азауад аҿы иҟалаз аԥжәарақәа аԥсыҭбарақәа рыцуп – иҭахаз рхыԥхьаӡара 116-ҩык рҟынӡа наӡоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ахәышәтәырҭақәа 17-ҩык рҭоуп, урҭ рҟынтәи аӡәы иҭагылазаашьа уашәшәыроуп.

Арԥжәагақәа ахьыҟарҵо азауад "Кристалл" аҿы асабша, рашәара 1 азы атҟәацрақәа хԥа ҟалеит.

Ашьаусҭҵаара хацыркуп.