Израиль ракетала Шьамтәыла аҳаиртә баӷәаза иалахысит

Шьамтәыла аҩада-мраҭашәаратәи аххәҭаҿы иҟоу аҳаиртә баӷәазақәа руак ашәахьа ашьыжь ракетала иалахысит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3– Sputnik. Ракетала ашәахьа ашьыжь иалахысит апровинциа Хомс иҟоу арратә ҳаиртә баӷәаза T4 ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Шьамтәыла аҳәынҭқарратә телехәаԥшра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Израиль Голантәи аҳаракырақәа рҿы Трамп ихьӡ зху аиланхарҭа аԥнаҵоит

Амаҵзура адыррақәа рыла аракетатә жәылара мҩаԥнагеит Израиль. Иҟоу адыррақәа рыла хҩык ҭахеит быжьҩык ахәрақәа роуит. Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ԥжәоуп. Ахыбреи атехникеи аԥхасҭа ду рыҭоуп.

Израиль аҳәамҭа ҟанаҵеит аракетатә жәылара зымҩаԥго шьамтәылатәи аган аҟынтәи Израиль хылаԥшра знаҭо Голантәи аҳаракырақәа рҿтәи ашьха Хермон иахаьехсуаз азы шакәу.

2018 шықәса рзы ари аҳаиртә баӷәаза израильтәи ар ажәылара азырухьан.

Израильтәи аруаа изныкымкәа шьамтәылатәи аобиекттқәа ирылахысхьеит.