"Адиспансеризациа аганахьала Урыстәылантәи иаҳҭааз аҳақьымцәа хәышықәса раԥхьагьы иҟан. Ҳауаажәлар иаауеит ҳәа анраҳа, ирацәаҩны еизеит. 4-5 мшы рыла иаҳҭаху зегьы иахьӡом, аха изларылшо ала ирыдыркылоит. Гәдоуҭа хәышәҩык рҟынӡа ахәыҷқәеи адуцәеи рыдыркылеит. Хәышықәса раԥхьа ианрыдыркылоз жәамш иаҳҭан аҳақьымцәа, усҟан иаҳа рыдыркылеит. Иахьазы ҽнак бжьаратәла 200-ҩык раҟара рыдыркылоит. Ауаа еиҳарак агәыхь, ада чымазарақәа, аҷаҷа хьаа уҳәа иаргәамҵуеит", - иҳәеит Ҵышәба.
Аԥсны араионқәа рҟны адиспансеризациа мҩаԥысуеит мшаԥы 5 инаркны рашәара 9-нӡа. Гәдоуҭеи Афон Ҿыц ақалақьқәеи рҟны лаҵара 28 инаркны рашәара 3-нӡа. Урыстәыла Афедералтә амедико-биологиатә агентра аҟазацәа Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиара зеиԥшроу азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.