Арадио

Аҩӡԥҳа: акультура аҵараиурҭаҟны узықәгәыӷша аҿар рааӡара ҳаҿуп

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит сынтәа аҵарашықәс еихызшьаало аконцерт аҷыдарақәа ртәы.
Sputnik
Аҩӡԥҳа: акультура аҵараиурҭаҟны узықәгәыӷша аҿар рааӡара ҳаҿуп

"Ҳәарада, ас еиԥш ақәгыларақәа ҳара ҳзы ныҳәак иаҩызоуп. Сынтәатәи ҳконцерт даҽа ҷыдаракгьы амоуп. Еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа ирзаҳкуеит, Дырмит Гәылиа диижьҭеи 145 шықәсеи, Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәсеи рыҵра. Апрограммаҟны рҩымҭақәа арбоуп", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны рашәарамза 5-6 рзы имҩаԥысуеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә Акультура аҵараиурҭа аҵарашықәс еихызшьаало ақәгылара.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.