Арадио

Ахԥҳа еиҭалҳәеит рашәарамзазы амшқәа зеиԥшрахо атәы

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ҳазҭоу амзазы амшқәа зеиԥшрахо атәы.
Sputnik
Ахԥҳа еиҭалҳәеит рашәарамзазы амшқәа зеиԥшрахо атәы

"Аҳауа аҭагылазаашьа лаҵарамзеи рашәарамзеи рзы излеиԥшым ҳәа уамак ыҟам. Ишу аҳауа аԥыжәара анаиулак аарҩара ҟалоит. Ҳазлахәаԥшуа ала ари амчыбжь азы аиҭеиҭасрақәа маҷуп, иналаршәны маҷк ақәа леир алшоит амза 6-7 рзы. Егьыс ашоура шыҟац иаанхоит, ақәа леиуа иаҳбом. Маҷк ақәа ӷәӷәаны илеип ҳәа ҳанақәгәыӷуа амза 13 инаркны 16-нӡа ауп, усҟан адыд-мацәысгьы ҟалар алшоит. Уи ашьҭахь еиҭах ашоурақәа ҳарзыԥшуп. Амшынӡы аҟәандара ари амзазы иақәнагоу ҳәа иҟоу бжьаратәла 22 грfдаус", - лҳәеит Ахԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.