Арадио

Шьоууа: аҵиаақәа рыхәшәтәра анхацәа сынтәа иаҳа иазҿлымҳауп

Очамчыра араион амашьына–трактортә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоууа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәаҷамаҷақәа рҟынтәи аҵиаақәа рыхәшәтәразы анхаҩы шаҟа ақәхаирџьыр акәу.
Sputnik
Шьоууа: аҵиаақәа рыхәшәтәра анхацәа сынтәа иаҳа иазҿлымҳауп

"Атрактор ахәшә ныҟәызго, уи ахәшә ақыҭанхамҩа аганахьала ирырҭоит, ҩ- тоннак зкуа 3 нызқьи хышә мааҭ ақәшәоит. Иҟоуп ибжатаны изҭаху, ҩ-бакк ззымхо ыҟоуп. Зымхәырсҭақәа, зуҭрақәа зхәышәтәуа иаҳа еиҳауп, аха сгәаанагарала иаҳа азҿлымҳара ҟарҵозар акәын. Аӡәы ихәышәтәуа егьи иҟаимҵо акәымқәа, агәырқьҳәа зегьы еицырхәышәтәыр бзиан. Аха ҵыԥхи ҵыԥхцәеи ирҿырԥшны иаҳа еиҳауп ахәшәтәра иазҿлымҳау. Ари азҵаараҟны аҟәрышь амамзаарагьы еиҵанархоит ауаа", -ҳәа азгәеиҭеит Шьоууа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир асааҭ 18:00 рзы.