Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит "Адунеитә балеттә каникулқәа" рҟны "Кавказ" шықәгылаз

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" аиҳабы, абалетмеистр хада Омар Ҭарба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Москва имҩаԥысуаз афестиваль аҟны рықәгылара шымҩаԥысыз.
Sputnik
Ҭарба еиҭеиҳәеит "Адунеитә балеттә каникулқәа" рҟны "Кавказ" шықәгылаз

Лаҵарамза 31 инаркны рашәара 2-нӡа Москва ВДНХ имҩаԥысуан раԥхьатәи афестиваль "Адунеитә балеттә каникулқәа". Уахь ааԥхьара рыман Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" акәашацәа.

"Ас еиԥш афестиваль ҳалахәхара ҳара ҳзы мацара акәым, Аԥсны азгьы ихьӡуп. Ҳакәашарақәа аинтернет ала ибаны, ҳрыԥшааит. Ҳакәашарақәа ирбаз рҟынтәи дара иалырхит аномерқәа. Арежиссиорс иҟаз атеатр Ду аҟны аус зуа иоуп. Аҟамақәа рыла акәашара ргәаԥхеит, уи ықәҳмаргылеижьҭеи жәбаҟа шықәса ҵуеит, избанзар асценақәа зегьы рҟны иманшәалам уи акәашара. Дара иҳаҳәеит иҟаҳҵарц. Афестиваль аартраҟны ҳақәгылеит, иара убасгьы иаразнак амастер-класс мҩаԥаагеит, идҳарбеит аԥсуа кәашараҟны аиҭаҵшьақәа. Аконцерт хадаҟны иқәгылан атеатр Ду асолистцәа, ансамбль "Бериозка", Моисеев ихьӡ зху, абалет Чаиковски иалахәу, иҟан Иапониа, Китаи, Испаниа, Италиа рҟынтәи акәашацәа. Атәым милаҭқәа рҟынтәи иҟаз аколлективқәа рахьынтә ҳара ҳакәын ақәгыларақәа акымкәа змаз, афестивальгьы хҳаркәшеит ҩ-кәашарак рыла. Даара ирацәаны ауаа аднаԥхьалеит ҳақәгылара, аиҿкааҩцәа ирҭахуп ҳаԥхьаҟагьы ҳалахәхарц", - иҳәеит Ҭарба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.