Алада Уаԥстәыла Чамериа иаиааины Европа Ачемпионат ConIFA-2019 афинал ахь инеит

Алада Уаԥстәылеи Чамериеи рыбжьара Европа Ачемпионат ConIFA-2019 афиналбжатәи ахәмарра мҩаԥысит ақалақь Аскеран рашәара 6 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алада Уаԥстәылатәи акоманда Европа Ачемпионат ConIFA-2019 афинал ахь инеит ахәмарра ашьҭахь имҩаԥгаз апенальтиқәа рсериаҟны 6:5 ҳәа Чамериа акоманда иаиааины.

Ахәмарра ишалагазҵәҟьа, ампыл рнапахьы иааргеит ауаԥсаа. Акырынтә ишәарҭаз амоментқәа ыҟан. Ахәмарра ахьынӡацоз аԥыжәара командак аҟынтәи даҽа командак ахь ииасуан, аха амба аҭаршәра рылымшеит.

Sputnik ConIFA-2019 афиналбжатә хәмарра шәнарбоит

Убри инамаданы аамҭа хада анынҵәа, имҩаԥыргеит апенальтиқәа рсериаҟны 6:5. Уаҟа ауаԥсаа ркоманда аиааира ргеит.

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рыхәмарра ишиашоу аефир ала иднарбоит, уи алагоит асааҭ 17:30 рзы.

ConIFA рашәара 7 2013 шықәса рзы ишьаҭаркуп. Еиднакылоит FIFA иалам 40 команда. 2016 шықәса рзы атурнир Аԥсны имҩаԥган. Аԥснытәи акоманда аиааирала ахәмаррақәа хыркәшахеит.