Арсҭаа еиҭеиҳәеит Ауадҳара аԥсшьаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу
© Sputnik
"Аԥхын аныиаслак аимахра ҳалагоит адәахьы иҟоу аӡымҩангагақәа, афымцалашара, ахәыҷқәа рыхәмарырҭа ахыбрақәа, аанда. Урҭ зегьы иахьа еиҭашақәҳаргылоит, зегь раасҭа аџьабаагьы ахарџьгьы ацуп. Ҵыԥх хыбрақәак ҟаҳҵеит, ԥшь-еихагылакны иҟоу асасааирҭа агәарԥ ҳарԥшӡеит, аҵиаақәа, ашьац еиҭаҳҳаит. Иахьазы аԥсшьарҭаҟны быжьҩык аус ҳуеит: ҩыџьа ахьчаҩцәа, аӡәӡәаҩы, аԥссаҩцәа. Риҵантәи ҳара ҳҟынӡа 14 километра бжьоуп, машьынала уаауазар 40-45 минуҭ амҩа уқәхоит, аӡын ашьҭахь макьана иуашәшәыроуп амҩа, иаҳрыцқьараны ҳаҟоуп, абӷанҷ ықәҳаԥсоит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Арсҭаа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.