Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит хылаԥшрада иҟоу алақәа ирыдҳәалоу акциа заԥшьыргаз

Акурорт Пицунда ахаҭарнак Азамат Багаҭелиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит хылаԥшрада иҟоу алақәа ирыдҳәалоу акциа заԥшьыргаз.
Sputnik
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит хылаԥшрада иҟоу алақәа ирыдҳәалоу акциа заԥшьыргаз

Хылаԥшрада иҟоу алақәа рганахьала лаҵарамза инаркны аусура иалагеит "Ашьра -мап, хылҵ рмоуа аҟаҵара –ааи" захьӡу акциа.

"Акурорт аамҭа ҳалагаанӡа ари азҵаара аганахьала ауадаҩрақәа ҳазцәырҵхьан, избанзар Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа афото-авидео анҵамҭақәа аинтернет иҭаргалоит аҩнытә ԥстәқәа ҳархылаԥшуам, ахәшә рыҭаны иаҳшьуеит ҳәа. Ҳтәыла аӡыргара аганахьала ауадаҩрақәа маҷымкәа ицәырнагоит. Акурорт Пицундеи агәыҳалалратә фонд "Багиреи" ҳаидгыланы апроект еиҿаҳкааит, уи аҳақьымцәа рхы аладырхәуеит, алақәа еизганы астерилизациа мҩаԥыргоит. Ари апроблема аӡбара иаҳа иарманшәалоит, аԥсшьаҩцәагьы ирбоит алақәа алаҵа шырзыҟаҵоу, уи азы ачипқәа кнарҳауеит рлымҳақәа рҟны. Ҳара еиуеиԥшым аинформациатә даҟьақәа ҟаҳҵоит", - иҳәеит Багаҭелиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.