Токаев 70% абыжьқәа иоуит алхрақәа раан

Ҟазахсҭан ахада изаамҭанытәим иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, рашәара 9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Ҟазахсҭан аамҭалатәи ахада Касым-Жомарт Токаев 70% абыжьқәа иоуит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан, актәи атур аҿы аиааирагьы игеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Токаев иконкурент – ажурналист, аполитикатә усзуҩ Амиржан Косанов 16,2% бжьы иоуит, Апарламент адепутат Даниа Еспаева - 5,2%. Зынӡа ркандидатурақәа ықәгылан быжьҩык акандидатцәа.

Ҟазахсҭан ахада изаамҭанытәим иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, рашәара 9 рзы.

Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа аҳәамҭа ҟарҵеит алхрақәа еилагара рымамкәа ишымҩаԥысыз.

30 шықәса атәыла иахагылаз Нурсултан Назарбаев инапынҵақәа шьҭеиҵеит хәажәкыра 20 рзы. Атәыла ахада инапынҵақәа дрыҵагылеит Токаев.

Ҟазахстан ахада ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иманы далырхуеит. Аиааиразы акандидат 50% алхыҩцәа рыбжьы иоуроуп.