Вышински иус ОБСЕ иалацәажәоит

Урыстәыла асенатор Алексеи Пушков игәҭакуп ОБСЕ ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәарц апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус аганахь ала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Аинформациатә политиказы Афедерациа Ахеилак акомиссиа ахада Алексеи Пушков диҿцәажәараны дыҟоуп АИХ рхақәиҭрақәа рызҵааразы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир, апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус аганахь ала.

Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Вышински иаанкылара ахашшара иахәаԥшуеит

Аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Вена, рашәара 17 рзы. Пушков иара убасгьы диԥылараны дыҟоуп ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.