Дональд Трамп Facebook, Amazon, Google адемократцәа ирыдгылоит ҳәа ахара рыдиҵоит

Дональд Трамп Facebook, Amazon, Google иара ицәа аԥҽра хық́кны ирымоуп ҳәа ишьоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. ЕАА ахада Дональд Трамп аилахәырақәа Facebook, Amazon, Google Адемократиатә партиа иадгылаҩцәоуп ҳәа ишьоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал CNBC адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Адемократцәеи арҭ аилахәырақәеи еилацәажәаны иҟоуп сара сыхьӡ-сыԥша аларҟәразы. Алхрақәа раангьы сара исҿагылан", - иҳәоит америкатәи аԥхьагыла.

Трамп уаанӡа асоциалтә ҳа Twitter ахара ахеиҵахьан иаккаунт аҿы анапаҵаҩцәа ықәнагеит ҳәа.

Amazon ахада Џьефф Безос иакәзаргьы изныкымкәа акритика изырухьан иара иитәу агазеҭ Washington Post акьыԥхьымҭақәа рзы.