Шәача, ААР аполициа аҟәша ахаҭарнак ашьаҟауаа дрысит

Шәача ақалақь, ААР аполициа аҟәша ахаҭарнак ашьаҟауаа рахысырҭаҿы ҩыџьа аҭыԥҳацәа дрысит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11– Sputnik. Шәача, ижәны иҟаз аполициауаҩ аԥсуа номерқәа змаз автомашьынала 16-шықәса зхыҵуаз ҩыџьа аҭыԥҳацәа дрысит, аҭыԥ аҟынтәигьы дыбналеи,  ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла аусҭҵааратә Усбарҭа асаит.

Ашәахьа, рашәара 10 рзы Шәача ақалақь, ААР аполициа аҟәша ахаҭарнак, иуа хаҵак иитәыз автомобил Toyota Mark X ала амҩа еихызҵәоз ҩыџьа аҭыԥҳацәа дрысит.

Еиуеиԥшым аахақәа зауз аҭыԥҳацәа амедицинатә усҳәарҭахь инаганы ацхыраара рырҭоит.

Амҩатә машәыр ашьҭахь аполициауаҩ дыбналеит, аха аамҭақәак рышьҭахь дахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылан. Амедицинатә гәаҭара ишьақәнаргылеит иара арыжәтә ыжәны дшыҟаз. Уажәы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.

Аканал "ЧП Сочи" авидео аҿы иубоит амҩатә машәыр ҟазҵаз автомашьына аԥсуа номерқәа шамоу.