Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Урыстәыла амш Аԥсны ишазгәарҭаз атәы

Ажурналист Бадраҟ Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла амш иазкны Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҟны адкылара шымҩаԥысыз.
Sputnik
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Урыстәыла амш Аԥсны ишазгәарҭаз атәы

Рашәара 12 рзы Урыстәылатәи Афедерациа амш азгәарҭоит.

"Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥгаз аныҳәа рхы аладырхәит Аԥсны ахада, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа. Аиԥылара ихы алаирхәыит Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев. Асас иқәгылараҟны Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьа атәы дазааҭгылеит. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ицәажәараҟны иҳәеит, ас еиԥш амш азгәаҭара аҵакы, ҳгәыларатә ҳәынҭқарреи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа. Аныҳәа аҟны ишаԥу еиԥш аишәақәа рхиан, аныҳәаҿақәа аанкылан", - иҳәеит Аҩӡба.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ адкылара мҩаԥысит

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.