Аимак иалагеижьҭеи Донбасс иҭахаз рхыԥхьаӡара рыларҳәеит ЕАР аҿы

ДЖәР ахада Денис Пушилин уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Зеленски Украина ахадарахьы даннеи инаркны амца аанкылара арежим еиҳа еиларго иалагеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik. Украина ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) амиссиа ахада Фиона Фреизер аҳәамҭа ҟалҵеит амиссиа ишҭанаҩыз 3332-ҩык аҭынчуааԥсыра рҭахара, 7 нызқьҩык ахәрақәа роура. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"2014 шықәса мшаԥымза инаркны рашәара 9 рҟынӡа 3332-ҩык аҭынчуааԥсыра ҭахеит, 7 нызқьҩык ахәрақәа роуит", - лҳәеит Фреизер апресс-конференциаҿы.

Лара линформациала, амиссиа ашықәс иалагазар ашәҟәы иҭанагалеит 12-ҩык аҭынч уааԥсыра рҭахареи 58-ҩык ахәрақәа роуреи.

ОБСЕ: Украина Донбасс абџьар хьанҭа адыргалоит>>

Украина амчрақәа 2014 шықәса рзы ЛЖәР, ДЖәР ирҿагыланы аибашьра иалагеит. Абри аамҭала ЕАР адыррақәа рыла иҭахахьеит жәанызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.