Гамсаниа: иахьазы акарпыжә аахәара иаԥсаӡам
© Sputnik
"Аԥхын анааиуа акарпыжә, ауҭраҭых, ашәыр ргәаҭара ҳалагоит, избанзар арҵәыгақәа рацәоуп, амцхә анарҭо ыҟоуп. Зегьы ирымоуп анеитратқәа, аха ақәнага иахымсроуп, ауаҩы ԥырхага ирымҭарц, акьыба чымазара изцәырнамгарц. Уажәы акарпыжә аахәара иаԥсаӡам. Анхацәа иаадрыхыз аҭиира иалагаанӡа иахәҭам, аҭыԥантәи акарпыжә еиӷьу ыҟаӡам. Ҳара имҩаԥаагахьоу агәаҭарақәа уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гамсаниа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.