Ҟрымтәи ацҳаҟны аихамҩатә цәаҳәа шьҭарҵеит

Ҟрымтәи ацҳала адәыӷбақәа рымҩасра хацыркхоит ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш, 2019 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Аргылаҩцәа аихамҩатә хәҭа актәи арельсқәа шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит "Крымский мост" аинфоцентр.

Ҟрымтәи ацҳа арекорд шьақәнаргылеит

Амҩахәҭа хадаҿы еиԥыршьит ахырхарҭақәа— "Тамань" "Керчь". Амҩахәҭа 19 километра иҟоуп. Абри азы иаҭаххеит хәнызқь тонн арельсқәеи 38 нызқь шпали.

Хара имгакәа еиԥыршьраны иҟоуп аҩбатәи амҩахәҭагьы. Ара макьаназы ишьҭаҵатәны инханы иҟоуп быжькилометрак арельсқәа.

Иара убасгьы иргылахараны иҟоуп аангыларҭа ҭыԥ ҿыц "Керчь-Южная".

Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Ҟрымҟа ацҳа — Урыстәыла зегь раасҭа иауу цҳауп, 19 километра иҟоуп. Аусура хацнаркит ииасыз ашықәс, лаҵара 15 рзы автомашьынақәа рымҩахәҭа.

Адәыӷбақәа аныҟәара иалагоит сынтәатәи ашықәс анҵәамҭазы.