"Аԥсҭазаара ыҟанаҵ, уи еиуеиԥшым аганқәа иатәу ахҭысқәагьы аҭыԥ рымазаауеит. Аамҭақәак рзы ус еиԥш ахҭысқәа иаҳа имаҷын, даҽакалагьы иазнеиуан. Аԥсуаа жәытә аахыс ирҳәалоит аӡә иааӡара аӡәы дыԥсоуп ҳәа. Ирҳәалоит аԥсуа иԥсы зҭоу ахьӡи-ахьымӡӷи рзы ауп ҳәа, иара убас иазгәарҭалоит адгьыли аԥхәыси ирхылымҿиаауа акгьы ыҟам ҳәа. Ас еиԥш афилософиатә еилкаарақәа аԥызҵаз ажәлар рзы, хымԥада, иахьа узламцәажәар ҟамло ахҭыс уадаҩра духеит. Ас еиԥш ауадаҩрақәа зыдҳәалоу ааӡареи ԥхьаҟа ацареи роуп. Ауаҩы иԥсҭазаара еиҳау мал ыҟам. Аха арыцҳара аныҟала, уи рыцҳараны ианудукылалак аӡбарагьы уақәшәоит. Аӡӷаб ацәца даҩызоуп, ес-минуҭ илаҳауазароуп ахымҩаԥӷашьа шаҭаху атәы. Аха иамуӡакәа рыцҳарак аныҟалахгьы илдыруазароуп ахәыҷы ишьра еиҳау гәнаҳа шыҟам", - лҳәеит Габниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.