Арадио

Ҷкотуа мгәарҭа иҟоу ишьра иазкны: зегь раԥхьа иахьырхәтәу уи алзыршаз ахаҵа иоуп

Абыда ииуа аӷраҭшаа ишьреи аԥсуареи? Избан аҳаҭыр ахьчаразы аԥҳәыс лысаби дызҭалырхо? Ирыхьзеи жәытә-натә аахыс иааҳгоз аԥсуара аԥҟарақәа? Ишԥарыӡбуаз ажәытәан ас ихьанҭаз азҵаатәқәа? Ари азҵааразы арадио Sputnik аҟны игәаанагара иҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.
Sputnik
Ҷкотуа мгәарҭа иҟоу ишьра иазкны: зегь раԥхьа иахьырхәтәу уи алзыршаз ахаҵа иоуп

"Абри азҵаара ансаҳа схәы-сжьы гылеит, убриаҟара исцәымыӷхеит. Нас схәыцуа салагеит ас еиԥш акыр саҳаӷьазма санииз аахыс ҳәа. Ари иазку ажәакгьы смаҳацызт Ҭырқәтәыла аԥсуаа рыҩныҵаҟа. Аиашазы, ари азҵаара ҳажәлар ирыдкыланы сахьалацәажәогьы иԥхасшьоит. Ҳауаажәлар зегь рыла ибзиоуп, цәгьарак, ҳәаԥсарак рылам ҳазҳәом, аха аҭоурых аҟны ас еиԥш ҟалан, абас иазнеит ҳәа џьаргьы самыԥхьацт. Ҿыц ииуа ахәыҷы ԥшқа хара имам. Уа ахара змоу ахаҵеи аԥҳәыси роуп. Сара уи аганахьала ахацәа еиҳа аҭакԥхықәра рыдуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Зегь раԥхьагьы иахьырхәтәу ус еиԥш алзыршаз ахаҵа иоуп", -ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.