Арадио

Асланӡиа: Гал курорттә қалақьым, аха атуристцәа идҳарбаша ҳамоуп

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Асланӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны аԥсшьаҩы дызҭаар илшо аҭыԥқәа.
Sputnik
Асланӡиа: Гал курорттә қалақьым, аха атуристцәа идҳарбаша ҳамоуп

"Гал араион аҟны иахьазы атуристцәа маҷуп, курорттә қалақьым, аха идҳарбаша ыҟоуп. Ҳара иҳамоуп апарк ԥшӡақәа. Ақалақь аҟынтәи хԥаҟа километра бжьоуп актәи афымцаеизгарҭа, Галтәи амшын ҳәа изышьҭоу аҭыԥ ԥшӡа аҟынӡа. Гал араион иаҵанакуа аҭоурых змоу ажәытә уахәамақәа ыҟоуп. Ақалақь аҟны иҟоуп Лакраа рыҩны ҳәа ашықәс рацәа зхыҵуа аӷәтәы хыбра. Абас еиԥш иҟоу аобиектқәа ҳамоуп", - иҳәеит Асланӡиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.