Амигрантцәа зҭаз ашхәа Ҭырқәтәыла амшынԥшаҳәа иацәыхарамкәа иӡааҟәрылеит

Азакәан иаҵанамкуа амигрантцәа зҭаз ашхәа Ҭырқәтәылатәи апровинциа Мугла Егеитәи амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуаз иӡааҟәрылеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17– Sputnik. 12-ҩык иреиҵамкәа азакәан иаҵанамкуа амигрантцәа ҭахеит, Ҭырқәтәыла, апровинциа Муглаҿ, Егеитәи амшын аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Daily Sabah адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит амшынҟәарахьчаҩцәа ркоманда, адаиверцәа, авертолиот. Ҭырқәтәылатәи амшынҟәарахьчаҩцәа 31-ҩык ауаа реиқәырхара рылшеит. Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла амигрантцәа Бырзентәылатәи адгьылбжьахақәа рахь амҩа иқәын.

Амигрантцәа Ҭырқәтәылаҟа инеиуеит уантәи Европаҟа ицарц. 2018 шықәса рзы 268 нызқьҩык изакәаным амигрантцәа аанкылан.