Косачиов НАТО амчқәа Польша иахьдыргылаз азы: иахәҭоу аҭак ҟаҳҵоит

Америкатәи ар Польша мрагыларатәи аҳәааҿы ф-ҭыԥк рҿы иргылахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Польша Атәылахьчара аминистр Мариуш Блашьчак.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Польша мрагыларатәи аҳәаақәа иахьрыԥну америкатәи ар ргылара акт хада Урыстәыла-НАТО еиланагоит ҳәа иҳәеит Афедерациа ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа реилак ахантәаҩы Константин Косачиов.

Польша Евроеидгыла иалҵыр ҳәа дацәшәоит аилазаара ахантәаҩы

"Арратә ҟазшьа змоу аҭак ҟаҳҵоит", - иҳәеит иара, "Россия 24" аинтервиу аҭо.

Аилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит Урыстәылаҟынтәи ашәарҭара ҳәа Мраҭашәара ауаа зыцәдыршәо хықәкыс иамоу Мрагыларатәи Европаҿ америкатәи ар рыргылароуп ҳәа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Польша атәылахьчара аминистр Мариуш Блашьчак аҳәамҭа ҟаиҵахьан НАТО мрагыларатәи афланг рӷәӷәатәуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Америкатәи ар Польша мрагыларатәи аҳәааҿы ф-ҭыԥк рҿы иргылахоит.