Пушкови ОБСЕ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩи Вышински иус иалацәажәеит

Украина ирбаандаҩу ажурналист Кирилл Вышински иоушьҭра Москвеи Киеви реимабзиара иацхраауеит ҳәа иазиԥхьаӡоит асенатор Алексеи Пушков.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18– Sputnik. ОБСЕ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Томас Гремингер апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иоушьҭра урыстәыла-украинатәи аизыҟазаашьақәа рзы хәарҭара шаҵоу идыруеит ҳәа иҳәеит Афедерациа Ахеилак аинформациатә политика ахантәаҩы Алексеи Пушков урҭ реиԥылара ашьҭахь.

"Кирилл Вышински иус ҳалацәажәеит. Иара иҳәеит Кирилл иоушьҭра асимволтә ҵакы аманы ишибо урыстәыла-украинатәи аизыҟазаашьақәа рзы", - иҳәеит Пушков, РИА Новости аинтервиу аҭо.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Пушков АИХ рызҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Вышински иус азы диҿцәажәеит

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.