Урыстәыла ижәны амҩатә машәыр ҟазҵаз ихара дырӷәӷәоит

Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит ижәны амҩатә машәыр ҟазҵаз рганахьала ахара арӷәӷәаразы Аусԥҟа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Рашәара 17 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит ижәны амҩатә машәыр ҟазҵаз рганахьала ахара арӷәӷәаразы Аусԥҟа.

Азинтә информациа аинтернет-портал аҿы икьыԥхьу адокумент инақәыршәаны, амҩатә машәыр иахҟьаны ауаҩы игәабзиара зыруашәшәыраз ахаҿқәа быжьшықәса рҟынӡа рықәҵахоит, ма хәышықәса аус друны, хышықәса рыҩнуҵҟа аҭакԥхықәратә маҵзурақәа рхагылара рзин рымххоит.

Амҩатә машәыр иахҟьаны ауаҩы дҭахар, изхароу 12 шықәса рҟынӡа иқәҵахар ауеит, аԥсыҭбарақәа рацәазар - 15 шықәса рҟынӡа.