Трамп Пентагон аиҳаб ҿыц деиҭеит

Дональд Трамп ЕАА атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡоз дыԥсахны аиҳаб ҿыц Марк Еспер деиҭеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. ЕАА рхада Дональд Трамп ЕАА Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡоз Патрик Шанахан дыԥсахны аиҳаб ҿыц Марк Еспер деиҭеит. Абри атәы Twitter аҿтәи идаҟьаҿ иҩуеит Дональд Трамп.

"Аминистр инапынҵақәа назыгӡоз Патрик Шанахан иус бзианы инеигӡон, аха асенат аҿы аҽышьақәырӷәӷәара даламгеит. Сара уи иусура бзиазы иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Министрс ихьӡ сҳәоит Марк Еспер", - ҳәа иҩуеит Трамп.

Уаанӡа Еспер Пентагон аилазаара далан министрк иҳасаб ала, атәылахьчаратә корпорациа Raytheon ахада дихаҭыԥуаҩын, аексперттә центр Heritage Foundation напхгара аиҭон.