Амашьынарныҟәцаҩцәа рзы Урыстәыла ахараԥса ҿыц алагалахоит

Акодификациеи атәылауаҩратә закәанԥҵара аиӷьтәреи рзы ахеилак аԥшьгара иахәаԥшраны иҟоуп рашәара 20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 20 — Sputnik. Урыстәыла Аминистрцәа Реилазаара ажәалагала ҟанаҵеит зыхә ршәо амҩала имҩасуа, аха уи зымшәо амашьынарныҟәцаҩцәа 2,5 нызқьмааҭ ахараԥса рықәҵалазарц. Абри атәы аҳәоит Афедералтә еизара аҭыжьымҭа "Парламентская газета".

Аиҳабыра рҿы иазгәарҭеит ахараԥса адагьы, ахә ахымшәаакәа амҩасра алмыршара иамеханизмны ишыԥхьаӡатәу Москва рхы иадырхәо "ианаамҭоу зыхә шәам амашьынаргыларазы административтә зинеилагара" амеханизм.

Ахараԥса аизгараан еизо аԥарақәа арегионқәа рбиуџьетқәа рахь ицоит. Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла 1,3 нызқь километра иҟоу зыхә ршәо амҩақәа ыҟоуп: Воронеж, Калуга, Новгород, Ленинград, Липецк, Москва, Псков, Ростов, Риазан, Тверь, Тула робластқәа рҿы, иара убас Удмуртиеи Санкт-Петербурги.