Sputnik
Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Сергеи Гаврилов Қарҭ Аҳәынҭқарратә еилатәаратә хан аҟны иқәгылара аҭакс ақырҭуа оппозициа аԥшьаша, рашәара 20 рзы аҿагыларатә акциа амҩаԥгара иалагеит.
Гаврилов Қырҭтәыла апарламент асессиа аилатәара ааиртит апарламент аиҳабы иҟәардә дықәтәаны. Ари згәамԥхаз аоппозиционерцәа "аԥсадгьыл шәҭиит" ҳәа Қырҭтәыла амчрақәа ирҿагылеит, адепутат аамҭаказ Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра дадгылан иқәгылара ргәаларшәо. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье ателеграмм-канал.
Апарламент аҿы апротокол еиларгеит ҳәа рҳәеит, аха асессиа аусура еиԥҟьан. Ахыбра аполициаа акәшан игылеит.
Апарламент ахь инеит зықьҩыла ауаа, апарламент ахантәаҩи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминисттреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи реиҳабацәеи ԥхьатәара ицарц адҵа ҟаҵо.
Қырҭтәыла аԥыза-министр аоппозициаа атәылаҿ аҭагылазаашьа ҵыршәаауеит ҳәа дықәгылеит.
Аполициа ауаа реимырпразы аӡыԥсаҟьагақәеи арезинатә лабақәеи рхы иадырхәеит.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили официалтә визитла Минск дахьыҟаз аҳәамҭа ҟалҵеит. Лара лажәақәа рыла, иҟалаз зхароу Кремль ауп.
Рашәара 21 аполициаа ирылшеит ауаа реимырпра. Акциа алахәылацәа 160–ҩыки 80-ҩык аполициауааи аахақәа роуит.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Карасин арадикалцәа жәларбжьаратәи афорум рхы иадырхәеит Урыстәыла иаҿагыланы ақәгылараз ҳәа иҳәеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Facebook аҿы иҩуеит Қырҭтәыла апарламент адепутат Акаки Бобохиӡе Аԥсны атәылауаа ахьишьуаз азы аҭакԥхықәра дақәыршәатәуп ҳәа.
"Ақырҭуа парламентари, "Европейская Грузия" алахәыла Акаки Бобохиӡе аиашахаҵаратә уахәама Апарламентбжьаратә ассамблеиаҿ дықәгыланы иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра шишьуаз. Аԥсуа ган иалшо ҟанаҵоит уи аҭакԥхықәра дақәшәарц", - иҳәоит Ақаҩба.
Ақырҭуа оппозициа рыдгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит ахәаша, асааҭ 19:00 рзы амҩадуқәа рахь ицәырҵырц.