Аҳәынҭқарратә Думаҿ аҵараиурҭақәа рҿы абиуџьет ҭыԥқәа ишрыцҵатәу рҳәеит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аилак аиҳабы Виачеслав Никонов аҳәамҭа ҟаиҵеит аҵаразы азакәан аԥсахрақәа шалагалахо атәы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә Думаҿ аҵараиурҭақәа рҿы абиуџьет ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ишацҵатәу рҳәеит, избанзар адемографиа аҽеиҭанакуеит, еиҳа-еиҳа ирацәаҩхоит аушьҭымҭацәа ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аилак аиҳабы Виачеслав Никонов.

"Абиуџьеттә ҭыԥқәа еиҵахашьа рымам. Уи азы иԥсахтәуп аҵаразы Азакәан аформула. Уи аформула инақәыршәаны иахьа 17-30 шықәса зхыҵуа жәанызқьҩык аҿар рзы аҵараиурҭақәа рҿы 800 биуџьет ҭыԥ ыҟазароуп ҳәа", — иҩуеит иара Facebook аҿы.

Аушьҭымҭацәа рырацәахара инақәыршәаны арҭ аҭыԥқәа рхыԥхьаӡарагьы иацҵатәуп.

Уаанӡа агазеҭ "Известия" иакьыԥхьхьан 2024 шықәса рзы абиуџьет ҭыԥқәа 17% еиҵахоит ҳәа.