Украина амчрақәа аинырратә цәаҳәахьы атехника хьанҭа наргоит

Уаанӡа ЛЖәР, ДЖәР амилициа адырра ҟарҵахьан украинатәи амчрақәа аинырратә цәаҳәаҿы ОБСЕ амиссиа аусура иаԥырхагоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Украинатәи амчрақәа аинырратә цәаҳәахьы атехника хьанҭа наргоит, ахарԥақәа рыҭаны ирҵәахуеит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Лугансктәи жәлар рреспублика Жәлар рмилициа аофицар Иван Филипоненко ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ОБСЕ: Украина Донбасс абџьар хьанҭа адыргалоит

"Украина арратә мчрақәа 25-тәи рыбригада ззин ыҟам атехника аинырратә цәаҳәахьы ирмаӡаны инаргоит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Филипоненко.

Арратә мчрақәа атехника дырмаӡоит ОБСЕ амиссиа ахылаԥшыҩцәа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы атехника аҟазаара азгәарҭо иахьалагаз азы.

Украина амчрақәа 2014 шықәса мшаԥымзазы ЛЖәР, ДЖәР ирҿагыланы аибашьра хацдыркит. Арҭ ареспубликақәа Украина амчра аиҭакра ашьҭахь рхьыԥшымра рыларҳәеит. Аимак иахҟьаны арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа иҭахахьеит 10 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.