Урыстәыла ар иаалырҟьаны ргәаҭара иалагеит

Урыстәыла Ацентртә арратә округ ар иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥыргеит ар ркомандаҟаҵаҩ, атәыла ахада Владимир Путин идҵала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Изаамҭанытәим ар иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥыргеит Урыстәыла Ацентртә арратә округ аҟны ар рҭагылазаашьа агәаҭаразы, атеррористтә цәшәара ахьыҟоу Ацентр-Азиатә регион аҿы ршәарҭадара ашьақәыргыларазы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ашәахьа, рашәара 24 асааҭ фба рзы аҽазыҟаҵара иазырхиан Ацентртә арратә округ, Аладатәи арратә округ, Мрагыларатәи арратә округ, Атранспорттә авиациа рыҟәшақәа.

Урыстәыла Ацентртә арратә округ ар иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥыргеит ар ркомандаҟаҵаҩ, атәыла ахада Владимир Путин идҵала.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит рашәара 24 - 28 рзы, ахархәара роуеит 35 полигон.