ПАСЕ ԥхынгәымзатәи аилатәарахь Урыстәыла нанаԥхьеит

Еврохеилак Апарламенттә ассамблеиа арегламент арҽеирақәа аланагалеит, урҭ Урыстәыла аиҿкаарахь ахынҳәра алдыршоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Еврохеилак Апарламенттә ассамблеиа (ПАСЕ) азинмчрақәеи абжьыҭирақәеи рганахь ала аӡбрақәа рыдкыларазы ажәахәынҵа аднакылеит. Иараҿы иарбоуп ԥхынгәымзатәи аилатәарахь Урыстәыла анаԥхьара алзыршо арезолиуциагьы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Арезолиуциа рыдыркылеит рашәара 25 рзы, жә-сааҭктәи аилацәажәара ашьҭахь. Иаразы рыбжьы рҭиит 118 парламентари, 62 мап ацәыркит.

Урыстәыла ПАСЕ аҿы азинмчқәа амхын 2014 шықәса мшаԥымзазы, Ҟрым Урыстәыла ианадла ашьҭахь.