Ермантәыла уаанӡатәи ахада аӡбарҭа аӡбрала даанкылоуп

Ермантәыла Ахашшааратә ӡбарҭа уаанӡатәи аӡбра ԥсахны Ермантәыла уаанӡатәи ахада Роберт Кочариан дарбаандаҩит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26- Sputnik. Ермантәыла уаанӡатәи ахада Роберт Кочариан деиҭааныркылеит рашәара 25 рзы. Уаанӡа, лаҵара 18 рзы иара аамҭала доушьҭын ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

Ермантәыла Кочариан дахьоурышьҭыз иаҿагылоит

Ермантәыла Ахашшааратә ӡбарҭа уаанӡатәи аӡбра ԥсахны Качариан ихшәаау ашас ыргьыжьны деиҭааныркылеит. Ари аӡбра аԥсахра алшоит 15-мшы ирхымгакәа.

Роберт Кочариани иара идукатцәеи аилатәара иалахәымызт. Амаҵзура адыррақәа рыла уаанӡатәи ахадеи иара ихьчаҩцәеи Ахашшааратә ӡбарҭа аилатәара абаикот адҟарҵалеит.

Роберт Кочариан ихарарҵоит атәыла аконституциатә шьақәгылара аҵшәаара, аҿагыларатә акциа, хәажәкыра 1 2008 шықәса рзы аимырпра. Усҟан иҭахеит жәаҩыкауааԥсыра. Уи адагьы аҵарҭыша агара ихараҵоуп. Кочариан уи зегьы политикатә шьҭазаароуп ҳәа ахиҳәаауеит.

2018 шықәса рзы Кочариан ҩынтә ддырбаандаҩхьан. Лаҵарамзазы иара доушьҭын Ашьха Ҟарабах ахадара рыхәдықәҵарала.