Евроеидгыла асанкциақәа рыҿҳәара аҽа шықәсыбжак инахеит

Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала аекономикатә санкциақәа аланагалеит ԥхынгәы 31 2014 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Евроеидгыла асанкциақәа рыҿҳәара аҽа шықәсыбжак инахеит, ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Евроеидгыла апресс-маҵзура.

"Асанкциақәа ирыҵанакуеит афинанс, аенергетика, атәылахьчара рус хкқәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Евроеидгыла апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит асанкциақәа рыцҵаразы аӡбра шрыдыркылаз ФРГ аканцлер Ангелы Меркели Франциа ахада Еммануель Макрон Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҭагылазаашьа иазкыз ражәахәқәа рышьҭахь.

Еиду аштатқәеи Евроеидгыла атәылақәеи Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа аларгалеит Украинатәи ахҭысқәа ирыдҳәаланы.