Нанба: асербцәа-аветеранцәа реиԥш ҳаргьы ҳаӡәыкны ҳаҟазарц сҭахуп
© Sputnik
"Асербцәа рҭагылазаашьа цәгьоуп. Аҳәынҭқарра дууп, дара зықәгәыӷуа Урыстәыла ауп. НАТО, Евросоиуз иалалар рҭахым аҟнытә Косово дырцыхцыхуа иалагеит, уа асербцәа инхо маҷуп, аха урҭгьы ирықәымчуа иалагеит. Уажә иаԥырҵаз аветеранцәа рхеилак, аидгылара хықәкыс иҟаҵаны иаԥшьган. Сара уамашәа избаз, лкаасгьы иҟасҵаз убри ауп, ҳара ҳветеранцәа рҽеиҩыршеит, дара ракәзар, ашәарҭара ианҭагыла- ирылшеит аӡәк еиԥш аидгылара. Ҳара ҽнак аԥсыӡ аӡы зҵабаз еиԥш ҳаанхар ҳалшоит, усҟан ус еиԥш аидгылара ҳмоур ҳәа сшәоит. Исҭахуп ҳветерантә хеилакқәа ааизганы ҳаилацәажәарц, дарбанзаалакгьы атәыла ахада иалхрахь ицо аидгылаҩцәа имоуп, аха аҳәынҵәеиқәҭәара ҟамлароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.