Арадио

Ӡиӡариа: Константин Шьаҟрыл абызшәатә терминқәа - ахьыӡҟа, аҟаҵарба уҳәа дравторуп

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор , ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы Оҭар Ӡиӡариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абызшәадырыҩ Константин Шьаҟрыл илагала атәы.
Sputnik
Ӡиӡариа: Константин Шьаҟрыл абызшәатә терминқәа - ахьыӡҟа, аҟаҵарба уҳәа дравторуп

"Аԥсышәала аԥсуа бызшәа арцәажәара, аԥсышәала арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәара раԥхьаӡа нап азаркыз Константин Шаҟрыл иоуп. Иара ашкол аҿы аус аниуаз аамҭазы иоуит абызшәазы адыррақәа рацәаны, анаҩс, аҭҵааратә институт ахь дыиаган. Иусумҭакәа жәпакы аԥсуа-адыга бызшәақәа еидкыланы, ишеидҳәалоу, бызшәак ишахылҵыз апроблема иалацәажәоз дреиуоуп иара", – ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.

Аҵарауаҩ иазгеиҭеит 200 инареиҳаны атерминқәа абызшәатә наукаҿы иҟоу авторс иамоу Константин Шьаҟрыл шиаку.

"Аԥхьаӡа арҵагатә шәҟәқәа рышьаҭа зкыз Константин Шаҟрыл иоуп. Атерминқәа иаҳҳәап: ахьыӡҟа, ҟаҵарба уҳәа зегьы иара иоуп иаԥызҵаз. 200 инареиҳаны атерминқәа абызшәатә наукаҿы иҟоу авторс иамоу Константин Шьаҟрыл иоуп.  Убри адагьы уаҳа акгьы ҟаимҵаргьы анаукаҿы наӡаӡа даанхон. Урҭ атерминқәа ауаа ирылаҵәеит, ишьақәгылеит, иахьа зегьы рхы иадырхәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.