Арадио

Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәышәтәразы: алҵшәақәа ыҟоуп

Аԥсны Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Sputnik арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит абжы ҟаԥшь аҟынтә ҳтәылаҿы апальмақәа рыхәышәтәра шымҩаԥысуа.
Sputnik
Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәышәтәразы: алҵшәақәа ыҟоуп

"Иалагеит аҩбатәи аетап, абжы ҟаԥшь аԥырҟәҟәааразы ахәышәтәра. Ачымазара злаҽны иҟаз апальмақәа рыбжеиҳарак рҟны амахәҭақәа ԥыҟҟаны иҟоуп, ԥасатәи ахәышәтәрагьы алҵшәа бзиагьы аадырԥшит. Ичмазаҩу апальмақәа рхыԥхьаӡара уаҳа иацымлаӡеит, ҿыц иахылҿиаазгьы ыҟоуп – ари лҵшәа бзианы ҳахәаԥшуеит. Ҳара иҳамоуп аинструкциа - апальмақәа рыхәшәтәра аамҭа-аамҭала ишымҩаԥгатәу, уи аплан ала ҳаҿуп. Ахәышәтәра мҩаԥаагоит Гагра, Гәдоуҭа, еиҭа Очамчырантә иаараны иҟоуп ахәшә ргаразы, ажәакала, абжы ҟаԥшь иазкны иаԥҵаз акомиссиа аусура иаҿуп ишахәҭоу еиԥш. Аԥхын иалагӡаны хынтә-ԥшьынтә ахәышәтәра мҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.