Арадио

Ашәба: иҳарҳауа амал акәым, аԥхьа игылазар ахәҭоуп ҳхаҿра

Асасдкылареи атуризми еивыгарас ирымоузеи, иабаҟоу зхысра ҟамло ацәаҳәа – абри атемала игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, аҵарауаҩ Арда Ашәба.
Sputnik
Ашәба: иҳарҳауа амал акәым, аԥхьа игылазар ахәҭоуп ҳхаҿра

"Ҳшьақәызҟьо, шьапҿаршә ҳазҭо аполитикатә хәмаррақәа рацәахоит. Уи ҳара ҳазыҟаҵазароуп. Амал иҳарҳауа мацара акәым, аԥхьа игылазароуп ҳхаҿра. Ҳҳәынҭқарра, ҳкультура, ҳбызшәа аиқәырхара, убри ауп иаҳуалу. Уи ҳазхоит, еихшаны аҭыԥ ақәҵара ҳалҳаршар", – ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иазгәеиҭеит асас дахьааз аҳәынҭқарра аԥҟарақәа ирдырра шахәҭоу.
"Иҳадаҳкыло ауаҩы дҟьашьтәӡам, иаҳҳәап, идин аҳәажьы афара иаҵанамкуазар, уи джьаны идгалара аҭахым. Еилаҳәашьа акәзар, заа иаҳәатәуп, асас ҳаԥҟарақәа ртәы ирдыртәуп. Ҳәаак дыхысзар, абааԥсы ус акәым ас ауп ҳәа иаҳәатәуп. Уигьы аҟамчы ихырҟьаны акәым, иеилыркаара ауп иаҭаху. Иахырҳәҳәаны уара уӡбаҩушәа, асас иџьыба уҭаланы икәа уҭаланы, имоу зегьы амал имхны изныҟәара ҳара ҳланарҟәуеит", – ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.