Гоԥиа: асас аҳәаа данахыҵ инаркны ишахәҭоу изнеишьа иақәшәатәуп
© Sputnik
"Ауаҩы ԥсшьара Аԥсныҟа данааи, аҳәаа инаркны асасаирҭа аҟынӡа ишақәнагоу ауаҩы изныҟәатәуп. Ииашоуп, аԥсуаа еснагь аҽынкылашьа рдыруан, ак угәамԥхозаргьы, уи азы иҟоуп акультуратә бызшәа. Сусураҿгьы иҟалахьеит апровокациақәа. Зны ԥсшьаҩык ус ҿааиҭит: "Шәара ақырҭцәа рахь ишәҭахым, аурысцәа рахь ишәҭахым, шәхатә ҳәынҭқарра аԥышәҵарц шәгәы иҭоуп, убри шәаҟәыҵыр еиӷьуп", - ҳәа. Саргьы ус наиаҭаскит: "Иҭабуп шәгәааганаразы, аха ари адгьыл шьала икәабоуп ахақәиҭразы, аха амгәазы ҳхьыԥшымра ҳагәҭасып ҳәа шәгәы иаанагозар, Урыстәылагьы иаҳа ибеиоу ҳәынҭқаррак иалалар ауеит", - ҳәа. Уи алагьы атема аҳаркит", - ҳәа игәалаиршәоит Гоԥиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.