Аԥсуа чыс, аԥсуа кино, кавказтәи акәашарақәа: афестиваль "Аԥсны" хыркәшоуп

Sputnik

Афестиваль аатит асааҭ 15:00 рзы, асааҭ 22:00 рзы концертла ихыркәшахеит. Аконцерттә программа иалахәын аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа, амузыкант, акомпозитор Александр Шьоуа, ашәаҳәаҩцәа Валериа Адлеиԥҳа, Амра Барганџьиаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Гиа Ԥлиа, Милена Барцыцԥҳа, Викториа Лабиаԥҳа, Мактина Бебиаԥҳа, амилаҭтә хореографиатә коллективқәа "Нарты", "Алон".

1 / 13
Аҳҭнықалақь апаркқәа иреиӷьу апарк "Красная Пресня" аҿы афестиваль "Аԥсны" аҭааҩцәа анард иасуеит, аԥсуа кино иахәаԥшуеит, кавказтәи акәашарақәа рҵоит, ирҵоит аԥсуа бызшәа.
2 / 13
Афестиваль ахь днеиит Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.
"Сара ҷыдала афестиваль салахәхап ҳәа смааит, аха ишымҩаԥысуаз ансаҳа саҭааит. Традициак аҳасаб ала ишьақәгылеит афестиваль амҩаԥгара", - иҳәеит иара.
3 / 13
Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аинформациа-пропагандатә ҟазшьа рымоуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.
4 / 13
Афестиваль "Аԥсны" ҩынтәуп москватәи апарк "Красная Пресне" аҟны имҩаԥысуеижьҭеи.
5 / 13
Афестиваль "Аԥсны" еиҿкаан 2018 шықәса рзы. Хықәкыс иамоуп Москва ауааԥсыра аԥсуаа рытрадициақәа ддырдырра.
6 / 13
Афестиваль аатит асааҭ 15:00 рзы, асааҭ 22:00 рзы концертла ихыркәшахеит. Аконцерттә программа иалахәын аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа, амузыкант, акомпозитор Александр Шьоуа, ашәаҳәаҩцәа Валериа Адлеиԥҳа, Амра Барганџьиаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Гиа Ԥлиа, Милена Барцыцԥҳа, Викториа Лабиаԥҳа, Мактина Бебиаԥҳа, амилаҭтә хореографиатә коллективқәа "Нарты", "Алон".
7 / 13
Афестиваль еиҿыркааит Москва иҟоу аԥсуа диаспора, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала.
8 / 13
Аԥсуа сахьаҭыхҩцәа русумҭақәа цәыргақәҵан.
9 / 13
Афестиваль алахәылацәеи асасцәеи рзы еиҿкаан аԥсуа ҩы агьама абара.
10 / 13
Афестиваль иалахәыз рзы ирацәан аҳамҭақәа.
11 / 13
Аџьыка - аԥсуа фестиваль иалахәыз иаархәартә еиԥш аҭагылазаашьа рыман.
12 / 13
Аԥсуа милаҭтә чыс хкқәа ӡырган, агьама дырбан.
13 / 13
"Ишьхатәылоу Аԥсынтәыла" апроект аҟнытә афотоҭыхымҭақәа цәыргақәҵан.