Арадио

Хагәышь: аԥсышәала ицәажәо ақьаад ҳамамкәа аԥсуа ҳәынҭқарра ҳзыргылом

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иазку ахықәкытә программа апроект азырхиаразы адҵа инапы аҵаиҩит, уи анагӡаразы 2020-2022 шш ҿҳәарас иамоуп. Ари аппрограмма уаанӡатәиқәа излареиԥшым, насгьы анагӡашьас иаиуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажоит Абызшәатә политиказы аҳәынтқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
Sputnik
Хагәышь: аԥсышәала ицәажәо ақьаад ҳамамкәа аԥсуа ҳәынҭқарра ҳзыргылом

"Аԥхьа иргыланы Аԥсны ахада дҵас иҳаиҭеит азакәанқәа ирықәшәо аҳәынҭқарратә бызшәа аганахьала апрограмма ашьақәыргылара. Иахьа амассатә информациатә хархәагақәа аинтернет ала адырра ҟарҵоит, аха уи аԥсышәала ицәажәартә еиԥш иацназго апрограмма ҳамам. Уаанӡа хықәкыла аҭоурых, агеографиа аиҭагара ҳазааҭгылозҭгьы, уи инаваргыланы атехнологиа ҿыцқәа ҳхы иархәаны ԥсышәала ауаа иаҳа адырра роуа иҟалароуп. Ииашоуп, уи афинансқәа рганахьала ацхыраара рацәаны иаҭахуп. Иахьа ҳара аҿар бзиа ҳамоуп акомпиутертә технологиақәа бзианы изыцааиуа, апрограмма ҟаҵаны хышықәса рыҩныҵаҟа шықәсыла ишаны иҟаҵатәу ҳәа акомиссиа алхтәуп. Аусеилыргаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагара ҳалагахьеит, акадрқәа ҳамам рҳәоит, аха иҳамоуп. Иаанагозеи Аԥсны аҩныҵаҟа аԥсышәала ицәажәо ақьадқәа ҳамамкәа аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара. Шықәсыбжак ҵуеит ари аус маҷ-маҷ ҳаҿуижьҭеи, еиуеиԥшым абланкқәа еиҭаҳгахьеит. Афинанстә цхыраара ҳамам акәымзар иҟаҳҵаша рацәоуп. Абызшәа иадҳәалоу зегьы аԥхьагылара амазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.