Мексикатәи ақалақь Гвадалахара акырцх аура ашьҭахь аҵаа ихнаҩеит

Мексика асеиԥш иҟоу акырцх уаанӡа ахаан иамуцызт ҳәа иршьоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Мексикатәи ақалақь Гвадалахара акырцх аура ашьҭахь аҵаа ихнаҩеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа Economista адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭыԥқәак рҿы акырцх аҿыгҳара метрак аҟынӡа иҟан, иҟан иахьеиҳазгьы. Мексикатәи ар аграждантә уааԥсыра ацхыраара рырҭоит. Аҭыԥантәи АИХ рҿы афотосахьақәа рҟны иубарҭоуп амҩақәа рҿы амашьынақәа аҵаа иакны ишгылоу.

"Ари аҩыза акырцх раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп", - иҳәеит 14-тәи аршьаҟатә баталион акомандир Серхио Лопес Лара.

Макьаназ иҭахази ааха заузи рыӡбахә рымҳәацт ҳәа иҳәеит аштат Халиско аграждантә хьчара аусбарҭа адиректор Виктор Уго Рольдан.

Аҭыжьымҭа Diario de Mexico адыррақәа рыла амҩақәа ррыцқьара рнапы алакуп аррамаҵзурауаагьы.

Мексикатәи ақалақь Гвадалахара акырцх аура ашьҭахь аҵаа ихнаҩеит