ПВО асистема ҿыц С-500 "Прометей" аҭыжьра иалагеит Урыстәыла

Азенит-ракетатә система С-500 "Прометей" азенит-ракетатә система "адгьыл-аҳауа" асистемаҟынтә еиҳа иҿыцу ҭыжьымҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. "Ростех" адиректор хада Сергеи Чемезов еиҭеиҳәеит Урыстәыла аҭыжьра ишалагаз ПВО-ПРО С-500 "Прометей", абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шьамтәылатәи ПВО аҳауатә жәылара аԥнарҟәҟәааит

"С-500 аҭыжьра иалагеит. Ари  С-400 аасҭа ҿыцу системоуп, аха уи аӡбахә макьана исырзар сҭахым", - иҳәеит иара.

Азенит-ракетатә система С-500 "Прометей" иалшоит "аӷа»" ибаллистикатә ракетақәа раанкылара, ахара инеиуеит.

Асистема С-500 "Прометей" иалшоит аеродинамикатә цәҟьарақәа (аҳаирпланқәа, авертолетқәа, егьырҭ аҳауатә цәҟьарақәа), амҵәыжәҩа змоу аракетақәагьы раанкылар,     рыԥжәара.

С-500 иалшоит 600 километр рҟынӡа ацәҟьара ахарара баны ааха аҭара. Иара атехникатә ҟазшьақәа рыла ЗРК С-400 америкатәи Patriot Advanced Capability-3 акыр ираԥнагоит.