АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Дамаски Хомси ақалақьқәа иахьрыҵаркуа израильтәи аҳаирпланқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аракетақәа хԥа ркажьра алшеит. Ажәылара мҩаԥган ашәахьауха, асааҭ 0:30 рзы.
Ливантәи ателеканал al-Mayadeen адыррала аԥжәарақәа уаҳауан Шьамтәылеи Ливан рҳәааҿы.
Иҭахеит ԥшьҩык ауааԥсыра. Урҭ руаӡәк дхәыҷуп. Ахәрақәа роуит 21-ҩык.
"Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Дамаски Хомси ақалақьқәа иахьрыҵаркуа израильтәи аҳаирпланқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Беирут аҳаиртә баӷәаза ахаҭарнак РИА Новости иазеиҭеиҳәеит израильтәи аҳаирпланқәа жәаба рҟынӡа ишынаӡоз.