Владимир Зеленски: Донбасс аҭышәынтәалара ҟалар ҳәа агәыӷра ыҟоуп

ОБСЕ амониторингтә миссиа ҷыда ишьақәнарӷәӷәеит Станица Луганскаиа иахьаҵанакуа араион аҿы ар реидыхра алыршоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Станица Луганскаиа иахьаҵанакуа араион аҿы ар реидыхра ахьалыршахаз аимак еиҳа иҭышәнартәалоит, аҭынчрахь уназго шьаҿоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Сара аӡәгьы ижьара сашьҭам. Уаҵәы аҭынчра ҟалоит ҳәа сызҳәом, аха уи амҩа ҳанылап ҳәа сгәы иаанагоит", -  иҩит иара Facebook аҿы.

Украина амчрақәа 2014 шықәса мшаԥымзазы арратә операциа хацдыркит ЛЖәР, ДЖәР рганахь ала. Арҭ аҩ-республикак Украина 2014 шықәса жәабранымзазы аҳәынҭқарратә мчра анахырҳәа ашьҭахь ахьыԥшымраз алаҳәара руит. ООН адыррақәа рыла абри аамҭа иалагӡаны иҭахахьеит 10 нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.