Арадио

Џьынџьиа еиҭеиҳәеит сынтәа Очамчыратәи аушьҭымҭацәа рзы еиҿкааз аусмҩаԥгатә атәы

Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аушьҭымҭацәа рзы сынтәа еиҿкааз аусмҩаԥгатә атәы.
Sputnik
Џьынџьиа еиҭеиҳәеит сынтәа Очамчыратәи аушьҭымҭацәа рзы еиҿкааз аусмҩаԥгатә атәы

"Очамчыра араион ахадара аҵараҟәшаҟны сынтәа агәаанагара ҟалеит 178-ҩык ҳаушьҭымҭацәа Шәача аттракционқәа рҟны раамҭа рхыргарц. Хымԥада, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны зегьы зымцеит, 85-ҩык инарзынаԥшуа иҟан. Дара иԥсыршьаганы раамҭа рхыргеит шьыжьы инаркны хәлаанӡа, рыкрыфара, рцара-раара Очамчыра араион ахадара ахахьы иагеит. Ҷлоутәи ашкол аушьҭымҭацәа рдепутат ибзоураны Гәыбаадәы рыԥсы ршьеит, иара убас Мыркәылатәи ашкол аушьҭымҭацәа рдепутат аҳамҭақәа рзыҟаиҵеит. Аныҟәарақәа рнаҩс аушьҭымҭацәеи аҭаацәеи ргәаанагарақәа ҳарзыӡырҩит, ас еиԥш ргәы иаахәо аусмҩаԥгатә еиҿкаамзар ҟаларын арҭ ашықәсқәа рзы",- иҳәеит Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.